Аиааира амш 33 шықәса ахыҵит! Ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны Акзаара» аполитхеилак аԥсуа жәлар Аиааира амш рыдныҳәалоит! «1992-93 шықәсазы шықсыки мызки, хьҭеи-млеи чҳаны, иреӷьыз аҵеира ршьала икәабаны, аԥыза ду Владисдав Арӡынба доаԥхьагыланы Аиааира амш ҳзааргеит цәыббра 30 аҽны! Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аԥсны аганахьала иалахәын 12 нызқьҩык аибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхоз ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәеи Урыстәыла аладатәи арегионқәеи рхаҭарнакцәа. Хашҭра шәықәым ҳашьцәа афырхацәа, шәхы зқәышәҵаз шәыдгьыл аԥсуа бираҟ ахашәыршәыруеит! Агәалашәара ыҟанаҵ шәыхьыӡ кашәаӡом! Наунагӡа Аԥсынра!» --- Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Иҭоурых еилазго, Иҳәаа еиҭазго, Мбатәы данириоит. Дцәаӷәаны уихысыргьы, Егьа уиҿахысыргьы, Дузаҿакуам ахы. Аҵла амҵан дтәазаргь, Иԥсы аарла иҭазаргь, Илаирҟәуам ихы. Мыч дук иламыз, Аха иламыс Уаӷрагылан узцаӡом. Даҿызаргь аԥсхыхра, Аԥсуа игәыӷра Бзанҵы иҭашәаӡом. Аԥсуа даԥсуанаҵ, Ажәларқәа дрыуанаҵ, Даиааиуа ԥхьа дцоит. Аԥсуа данҿоугьы, Дыԥсны дангҿоугьы, Аԥсны азы дықәԥоит. Кәымф Ламиа, 1990
Единая Абхазия
Subscribers
702
+1 24h
Reach per post (ERR)
25.4%178 avg views
Posting
1.9/day
last 18 hours ago
Reactions per 1K views
0.0
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 30 Sep 2026, 08:38 | 0 |
| 12 Nov 2026, 18:58 | 145 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.