Единая Абхазия

@unitedapsny · news · Russian · active

Subscribers 702 Subscribers, last 30 days: 701 → 702 +1 24h
Reach per post (ERR) 25.4%178 avg views
Posting 1.9/day last 19 hours ago
Reactions per 1K views 0.0

Ақалақь Гәдауҭа амш ныҳәа Ақалақь Гәдауҭа амш ныҳәа инамаданы, уажәы ааигәа еиҭашьақәыргылаз аԥшаҳәаҿын 10-метрак аура, 20-метра аҭбаара змоу Аԥсны бираҟ шьҭыхын. Аныҳәа иалахәын араион ахадара, атәыла аиҳабыра, аҭыԥантәи ауааԥсыра. Ақалақь Фырхаҵа Гәдауҭа ҭоурыхла ибеоу қалақьуп. Аԥсны аибашьра анцоз, ахәцәеи, аԥсцәеи здызкылоз, зыҩны иахыҵыз ауааԥсыреи еиднакылоз, ауадаҩреи агәырҩеи цәгьеи зхызгаз қалақьуп. Иахьа ашьшьыҳәа араион аҭынч ԥсҭазаара иануп, иумбарц залшом аамҭа маҷк иалагӡан ақалақь аҟны ицо аҽыԥсахра бзиақәа. Гәдуаҭа акурорт қалақьқәа ирхыԥхьазалоуп. Иахьатәи ақалақь амш аҽны абираҟ шьҭыхра азин ирҭеит Аԥсны Афырхаҵа Геннади Маан. «Аԥхьаҟа бзиа еицаабо Гәдауҭа ԥшӡа иазеиӷьаҳшьап, аизҳареи аҭышәынтәалареи аманшәалара. Ахаан иҟамлааит аибашьра, еиҵагылааит абиԥара хазына. Гәык-ԥсык ала ҳшәыдныҳәалоит!» Ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны Акзаара» аполитхеилак ахьӡала!

Views over time

0501001502007 Sep 10:5512 Nov 18:581697 Sep 10:55: 0 views12 Nov 18:58: 169 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
7 Sep 2026, 10:550
12 Nov 2026, 18:58169

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.