Пресс-служба Президента Абхазии

@presspresidentofabkhazia · news · Kazakh · active

Subscribers 2.2K Subscribers, last 30 days: 2.2K → 2.2K +0 24h
Reach per post (ERR) 48.8%1.1K avg views
Posting 1.2/day last 4 days ago
Reactions per 1K views 2.7 ❤ 👍 💔

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Амилициа амш азы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи дрыдныҳәалеит: «Ҳаҭыр зқәу аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи! Ишәыдысныҳәалоит Амилициа амш! Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿы амаҵзура — ари агәымшәареи, ахачҳареи, апринципреи, аус гәык-ԥсыкала азыҟазаареи зҭаху аҭакзыԥхықәу, ҳаҭыр зқәу миссиоуп. Ауаажәларратә шәарҭадара аиҿкаара, азинеиҿкаара ахьчара, атәылауаа рзакәантә зинқәеи ринтересқәеи рыхьчара Шәара занааҭтә уалԥшьаны шәызҵоу ауп. Аԥсны амилициа аҭоурых ҳтәылеи ҳажәлари рҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа Аԥсадгьыл ахьчаразы игылеит. Урҭ рахьтә аӡәырҩы Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рхы ақәырҵеит. Ҳара иҭахаз ргәалашәара лаша ҳацуп, ҳаҭырла ҳарзыҟоуп арҭ аԥышәарақәа ирхысыз зегьы. Иуадаҩыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан амилициа аусзуҩцәа ауаажәларратә зинтә еиҿкаара иахылаԥшуан ҭакԥхықәрала рмаҵзуратә уал нагӡо. Иахьа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҭакԥхықәура ду зцу ари аусура иацырҵоит. Шәнапы злаку иреиӷьу шәмаҵзура атрадициақәа реиқәырхараҿы иҷыдоу ароль нарыгӡоит зԥышәеи, ззанааҭдырреи, рҭоуба ацәхьамҵреи рыла амилициаа ҿарацәа рзы иҿырԥшыгоу аусзуҩцәа рабиԥара еиҳабыра. Абиԥарақәа реимадара, аусбарҭа аҭоурых ҳаҭыр ақәҵара, ауаажәларра рҿаԥхьа иныҟәырго аҭакԥхықәра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа лыҵшәа змоу русура шьаҭас иамоуп. Азинтә ҳәынҭқарра ашьақәгылареи арӷәӷәареи раан Шәара ҷыдала аҭакԥхықәра шәыдуп. Шәара шәдырра, шәыпринципра, амаҵзура ламысцқьала азнеира акыр ауаажәларратә ҭышәынтәалара, атәылауаа ршәарҭадара, ауаа аҳәынҭқарратә институтқәа рахь ирымоу агәрагара иадҳәалоуп. Аҳәынҭқарра инеиԥынкыланы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рырӷәӷәара, урҭ рматериал-техникатә база аиӷьтәра, ирыду ауснагӡатәқәа рынагӡаразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара аус аднаулоит, уи аԥхьаҟагьы иацҵахоит. Ари аныҳәамш аҽны аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәеи рветеранцәеи зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, ахачҳара, агәымшәара. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит зыԥсҭазаара ҳ-Аԥсадгьыли азакәани рымаҵ аура иазызкыз аветеранцәа. Анасыԥи ахирра рыгымзааит дасу шәыҩнаҭақәа!» ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Views over time

020040010 Nov 06:0015 Nov 11:3836810 Nov 06:00: 0 views11 Nov 11:21: 311 views13 Nov 06:05: 339 views15 Nov 11:38: 368 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
10 Nov 2026, 06:000
11 Nov 2026, 11:21311
13 Nov 2026, 06:05339
15 Nov 2026, 11:38368

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)