Пресс-служба Президента Абхазии

@presspresidentofabkhazia · news · Kazakh · active

Subscribers 2.2K Subscribers, last 30 days: 2.2K → 2.2K +0 24h
Reach per post (ERR) 48.8%1.1K avg views
Posting 1.2/day last 4 days ago
Reactions per 1K views 2.7 ❤ 👍 💔

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аԥсны аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш азы анапхгареи аусзуҩцәеи дрыдныҳәалеит. «Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра анапхгареи аусзуҩцәеи! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵоижьҭеи 48 шықәса аҵра амш! 1978 шықәса абҵарамза 6 рзы аԥсышәала раԥхьатәи аефир ахь ацәырҵра аҭоурыхтә ҵакы змоу, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акрызҵазкуа хҭысны, ҳажәлар рзинқәеи рмилаҭ хаҿра аиқәырхареи рзы ақәԥараҿы еихьӡара дуӡӡаны иҟалеит. Аԥснытәи ателехәаԥшра жәашықәсала еиҳа иуадаҩу аҭоурыхтә аамҭақәа раан хьыӡла-ԥшала инанагӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа амиссиа. Амилаҭтә телехәаԥшра ԥсахрада абри аамҭа зегьы аҩныҵҟа иалшеит ҳажәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи ринтересқәа зыхьчо, ҳтәыла аԥсҭазаара саркьаҵас изныԥшуа, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳҭоурых-культуратә ҭынха, ҳатрадициақәа реиқәырхаразы ихадоу мыруганы аҟалара. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит ззанааҭдырра ҳараку, зус гәык-ԥсыкала иазыҟоу аԥсуа журналистика аветеранцәа. Угәы иахәартә иҟоуп аилахәыра арҿиаратәи, анџьныртәи, атехникатәи усзуҩцәа иахьатәи рабиԥара иреиӷьу атрадициақәа реихаҳара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа қәҿиарала рнапаҿы раагара ахьрылшо, ихадоу ахырхарҭақәа — аиашара аарԥшра, апатриотизм, адырраҭарақәа рхаҭабзиара ҳаракы еиқәырханы иахьаарго. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив зегьы ирзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацԥыҳәара, азанааҭтә еихьӡара ҿыцқәа, анасыԥ! Агәра згоит шәусура аринахысгьы ҳҳәынҭқарра арӷәӷәара, ауаажәларра ракзаара, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьара амаҵ аура ишазкхо!» ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Views over time

05001K1.5K6 Nov 06:0015 Nov 11:381.2K6 Nov 06:00: 0 views11 Nov 11:21: 1,190 views13 Nov 06:05: 1,220 views15 Nov 11:38: 1,240 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
6 Nov 2026, 06:000
11 Nov 2026, 11:211.2K
13 Nov 2026, 06:051.2K
15 Nov 2026, 11:381.2K

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)