Пресс-служба Президента Абхазии

@presspresidentofabkhazia · news · Kazakh · active

Subscribers 2.2K Subscribers, last 30 days: 2.2K → 2.2K +0 24h · +0 7d
Reach per post (ERR) 43.6%982 avg views
Posting 1.4/day last 13 hours ago
Reactions per 1K views 2.8 ❤ 👍 💔

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба арҵаҩцәа рзаанаҭ амш рыдинҳәалеит. Р. Гумба ихьӡ зхыу Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы еиҿкааз Арҵаҩы имш азгәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылараҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭ амш ныҳәа! Гәыҩбара ҟамҵакәан зегь раасҭа ихадоу азаанаҭ. Арҵаҩы - ари ахәыҷбаҳча аамҭа инаркны ауаҩы дшәаанӡа дымҩақәызҵо иоуп. Арҵаҩы анаҳҳәо еснагь ҳхаҿы иааиуа аӷәыӷара зныԥшуа, зажәа раӡоу хаҿсахьоуп. Аԥсны асовет аамҭазы иалукаартә иҟан амилаҭтә арҵаҩратә школ, ахыԥша ҳаракын. Ҳарҵаҩцәа рзанааҭ инаваргыланы ауаажәларратә ус нарыгӡон. Ус иҟоуп иахьагьы. Ԥшьнызқьҩык иреиҳауп иахьа аҵара-ааӡара ус иазааԥсо. Иҳамоуп арҵаҩратә ус акорефеицәа. Гәахәароуп иахьа ҳныҳәа дахьалахәу арҵаҩ ҟаза Аделаида Капба, 67 шықәса зыԥсҭазаара ашкол аҿы изхызгаз. Иахьагьы ари аус иазааԥсо. Жәларык ауаа зааӡаз шәџьабаа ахә ашәара уадаҩуп. Аҳәынҭқарра анапхгара лымкаала ахшыҩзышьҭра зырҭо ахырхарҭақәа иреиуоуп аҵарадырра аус. Избанзар, ҳҳәынҭқарра уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану шәара ишәааӡо абиԥара роуп. Макьана иҟаҵатәу даара ирацәоуп, аха ишәдыруазарц сҭахәуп иҳалшо ала еснагь адгылара шшәаҳҭо. Акыр иаԥсоу ҳарҵаҩцәа. Даҽазныкгьы ишәыдысныҳәалоит шәзаанаҭтә ныҳәа. Ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, ақәҿиара дуқәа. Еснагь шәгәы дузааит ишәааӡо аҿар рыла. Ҽааныбзиала шәнеиааит! Анаҩс Аԥсны Ахада аныҳәа амш аҽны иалкааз арҵаҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранаишьеит». ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Views over time

02004006008005 Oct 14:0511 Nov 11:216615 Oct 14:05: 0 views11 Nov 11:21: 661 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
5 Oct 2026, 14:050
11 Nov 2026, 11:21661

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.