Пресс-служба Президента Абхазии

@presspresidentofabkhazia · news · Kazakh · active

Subscribers 2.2K Subscribers, last 30 days: 2.2K → 2.2K +0 24h · +0 7d
Reach per post (ERR) 43.7%984 avg views
Posting 1.4/day last 13 hours ago
Reactions per 1K views 2.8 ❤ 👍 💔

Мышқәак раԥхьа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба гәыԥҩык аветеранцәа данырԥылоз аибашьцәа Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа аргыларазы азҵаара шьҭырхит. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи хымԥада иаҭахыуп ҳәа ишиԥхьаӡо, убри аан иазгәеиҭеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо. Дара еицҿакны ирҳәеит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион Ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшры ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәан ишаԥҵахо акомиссиа. «Зықьҩык инарзынаԥшуа ҳаибашьцәа ахьҭахаз Гәымсҭатәи ацәаҳәа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагылаз цәаҳәа ҟаԥшьык иаҳзаҩызан. Убри азын ҳаибашьцәа рфырхаҵара иасимволу абаҟа аргылара ҳаззегь ҭакԥхықәра ҳаракыла ҳазнеироуп»,-иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Views over time

020040060022 Sep 08:2611 Nov 11:2163622 Sep 08:26: 0 views11 Nov 11:21: 636 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
22 Sep 2026, 08:260
11 Nov 2026, 11:21636

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.