Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба дырԥылеит гәыԥҩык Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳарак зхыу аветеранцәа Аслан Кобахиа, Рауль Смыр, Ҷыҷыкәа Мархолиа, Гарри Саманба, Леон иорден занашьоу Аслан Дгебиа, ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы, аветеран Рауль Лолуа, Жәлар Реизара адепутат Ахра Ԥачлиа. Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра азаазгаз аветеранцәа рԥылара еснагь агәахәара ду шинаҭо. «Шәара шәажәа аҵак ду амоупсара сзын, уи еснагь сазыӡырҩуеит», – иҳәеит Бадра Гәынба. Аветеранцәа ааԥхьара ҟарҵеит Аҳәынҭқарра анапхгара адгылара арҭарц Аԥсны Афырхацәа, Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра, Аиааира аагара зџьабаа рыду, акомандаҟаҵаҩцәа Витали Смыри, Геннади Ҷанбеи рбаҟақәа Аҟәа Ахьӡ-пша апарк аҿы иргылазарц иҟарҵо ажәалагала. Анаҩс иазааҭгылан Гәымсҭатәи афронт аҿы иҭахаз рбаҟа аргылара азҵаара. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи хымԥада иаҭахны ишиԥхьаӡо. Иҳәеит акультура аминистрс даныҟаз абри азҵаара шышьҭыхыз. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ргәаанагара иаҳарц шиҭахыу. Аибашьцәа ирҳәеит абас еиԥш абаҟа аргыла ахәҭоуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Ешыра ақыҭан, иахьа абираҟ ахьқәгылоу ахәы ҳарак. Бадра Гәынба иҳәеит абаҟа аргылара аан гәыԥс излахәызаалак аибашьцәа реилыхра иашам ҳәа ишиԥхьаӡо. Урҭ зегь ҳаԥсадгьыл аҳақәиҭраз еибашьуан, рыжәҩахыр еибыҭан иааира ҳзааргеит,-иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада. Аиԥылараҿы аветеранцәа ишьҭырхит даҽа зҵаарак. Урҭ ирҳәеит аибашьра еилгеижьҭеи 33 шықәса анҵхьоу аамҭазы шьҭа иаанкылазар еиӷьуп ҳәа ишырыԥхьаӡо Аибашьра иазкыу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи ахьыӡ ҳаракқәа рыхҵареи рзы аҳәынҭқарратә комиссиа аусура аанкылара. Аибашьцәа иазгәарҭеит уи ишаанамго лымкаала изыхәҭоу аӡә дыҟазар дыбжьахоит ҳәа. Бадра Гәынба ҭабуп ҳәа реиҳәеит аветеранцәа гәаартыла ргәаанагара ахьеибырҳәаз азы. Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит иқәдыргылаз азҵаарақәа зегьы хлаԥшрада ишнимыжьуа. Аԥсны Ахадеи аветеранцәа аипылараҿы ирзааҭгылеит Аҳәынҭқарра аҿиара иадҳәалоу егьырҭ азҵаарақәагьы. ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ
Пресс-служба Президента Абхазии
Subscribers
2.2K
+0 24h · +0 7d
Reach per post (ERR)
43.7%984 avg views
Posting
1.4/day
last 13 hours ago
Reactions per 1K views
2.8
❤ 👍 💔
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 18 Sep 2026, 13:33 | 0 |
| 11 Nov 2026, 11:21 | 723 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.