Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа амш рыдиныҳәалеит уи иаланхо ауааԥсыра. ▫️ Аныҳәа иазкны имҩаԥгаз аилатәараҿы адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба. ▫️ Аԥсны Ахада иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп: ▫️ «Ҳаҭыр зқәу Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа ауааԥсыра! ▫️ Ишәыдысныҳәалоит шәықалақь Амш! ▫️ Ари аныҳәамш азгәаҭара иаԥсаны, иаҭахны иҳадаҳкылаз ӡбамҭоуп. ▫️ Гәдоуҭа аҭоурыхла ибеиоу, хьӡи-ԥшеи змоу атрадициақәа ныҟәызго қалақьуп. Урҭ ҳара имырӡкәа иааиуа абиԥарақәа ирызнаҳгароуп. ▫️ Гәдоуҭа ақалақь акрызҵазкуа Аԥсны ақалақьқәа ируакуп. Ара ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа инхон-инҵуан ҳабацәа, урҭ рабацәа. Дара иаԥырҵаз аҭынха ду иахьа ҳара гәадурала иеиқәырханы иааҳгоит. ▫️ Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҟны. Аԥсны Ҳџьынџьтәылатә еибашьраан иара аҳҭнықалақьра ныҟәнагеит ҳҳәар алшоит. Ароуп жәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба идгылаз иҩызцәагьы иаргьы аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы аҭоурыхтә ҵакы змаз аӡбамҭақәа ахьрыдыркылоз. ▫️ Иахьатәи аныҳәа аҽны ҳаҭырла иаҳгәаларшәоит Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз гәдоуҭаа рҵеицәа. Урҭ рфырхаҵара Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ианызаауеит наунагӡа. ▫️ Гәдоуҭа иахьа аҽеиҭанакуеит. Ахаҿра аҽаԥсахит, амшын аԥшаҳәа аҿиара иаҿуп. Ҳара иаҳҭахуп арҭ ар́ҿыцрақәа ауаа рыԥсҭазаарагьы ианыԥшларц. ▫️ Ақалақь амалқәа зегьы ирмалуп уи иқәынхо ауааԥсыра, зҭоурых еиқәырханы иаазго, зықалақь бзиа избо, уи арԥшӡара иацхраауа. Аԥхьаҟагьы Гәдоуҭа ақалақь аԥеиԥш знапы иану шәара шәоуп, акыр иаԥсоу гәдоуҭаа. ▫️ Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, агәабзиара, анасыԥ. Иҿиалааит, хьӡи-ԥшеи агымзааит аринахысгьы Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа! ▫️ Ҽааныбзиала шәнеилааит зегьы!» ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ