Говорит Абхазия

@govorit_abkhazia · news · Russian · active

Subscribers 13.4K Subscribers, last 30 days: 13.4K → 13.4K +0 24h
Reach per post (ERR) 4.5%603 avg views
Posting 15.1/day last 54 minutes ago
Reactions per 1K views 6.0 ❤ 🙏 👍
repost from Пресс-служба Президента Абхазии

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҵарауаа ирыдиныҳәалеит амилаҭтә ҵарадырра амш. Аҳәынҭқарра Ахада ихы алаирхәит анаукақәа ракадемиа аҟны имҩаԥгаз аилатәара. Бадра Гәынба иқәгылараҿы иазгәеиҭеит: Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҭҵаарададыррақәа ракадемиа алахәылацәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырратә уаажәларра! 29 шықәса раԥхьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада В.Г. Арӡынба иусԥҟала иаԥҵахеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа. Ари ахҭыс аҵак дуӡӡа аман ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы, избанзар ҭҵаарадыррада аҳәынҭқарра аекономикеи, ааглыхреи, ақыҭанхамҩеи, акультуреи инхарҭәааны иҿиартә изыҟалом. Аԥсуа Академиа имариам амҩа ианысит. Раԥхьатәи Ахада Шьоҭа Ҟасҭеи-иԥа Арсҭаа иҩызцәеи иареи ирылшеит, ауадаҩрақәа ириааины, ҳаҭҵааратә институтқәа еидкыланы Академиа аиҿкаара. Урҭ ихацдыркыз аус Академиа иахьатәи анапхгара еихаҳаны иааргоит. Иахьа иара иҭышәынтәаланы иҟоу, аизҳазыӷьара иаҿу ихадароу наукатә еиҿкаароуп. Ҳҵарауаа шәеихьӡарақәа азхаҵоуп ҳтәыла аҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы. Шәыҭҵаарадырратә усумҭақәа ирыбзоураны, адунеи аҟны еицырдыруеит ҳаԥсадгьыл иамоу рдоуҳатә беиарақәа, ҳажәлар знысыз аҭоурых, рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы аиаша. Даараӡа ихадоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапхгареи уи иаҵанакуа аинститутқәеи жәларбжьаратәи аимадарақәа рышҟа иааиԥмырҟьаӡакәа иаашәырԥшуа азҿлымҳара. Лымкаала аҵак ду аманы иаабоит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи шәареи шусеицура есааира иахьшәырӷәӷәо, иахьшәырҭбаауа, алҵшәа бзиақәагьы ахьшәымоу. Академиа ауснагӡараҿы ихадароу ахырхарҭақәа иреиуоуп – аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи аус рыдулара азҵаатәы. Иалшәыршоит аҿар рзы ҷыдала аҭҵаарадырратә форумқәа рымҩаԥгара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла адиссертациақәа рыхьчара. Аҭҵаарадырра – аҳәынҭқарра ауасхыр хадақәа иреиуоуп. Убри хшыҩзышьҭра азуны, Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара еснагь иазыхиоуп анаукатә усзуҩцәа адгылара рыҭара. Акыр иаԥсоу ҳҵаруаа! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсуа ҭҵаарадырра амшныҳәа! Ишәзеиӷьасшьоит Ҳаԥсадгьыл аҿиара ирызку шәыҭҵаарадырратә усураҿы аихьӡара ҿыцқәа, шәаԥшьгамҭақәа зегьы рҿы ақәҿиара дуқәа шәзыԥшызааит! Ҽаанбзиала шәнеиааит! Анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада аҭҵаарадырра аусхк Г.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа 2026 шықәсазы изанашьоу аҵарауаа аҳаҭыртә дыргақәа риҭеит. - аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Бигәаа Валери Леуарда-иԥа - амонографиа "Аԥсуара - аԥсуаа рытрадициатә дин" азы; - ⁠афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Џьапуа Зураб Џьота-иԥа - амонографиа "Нарҭаа ирыхҳәаау аԥсуа епос: аҭҵаамҭеи атекстқәеи" рзы; - ⁠атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Кимкетов Едуард Маи-иԥеи, атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик Марколиа Анатоли Иван-иԥеи - амонографиа "Аԥсны иахьаҵанакуа еиҭахацаркхо афымцамч хыҵхырҭақәа рхархәара алҵшәақәа" рзы. ПРЕЗИДЕНТ АБХАЗИИ

Views over time

020040060030 Oct 14:1911 Nov 17:2454630 Oct 14:19: 0 views11 Nov 17:24: 546 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
30 Oct 2026, 14:190
11 Nov 2026, 17:24546

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.