🇷🇺🤝🇳🇮Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахада ихаҭыԥуаҩ Иван Лара диԥылеит Аиԥылараҿы Алиас Аиба Иван Лара ииҭеит Аԥсныи Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи 17 шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәы. Алиас Аиба дицны аиԥылара ихы алаирхәит ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышба. Иалацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәеи урҭ рыҿиара аперспективақәеи. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook