🕊️31 шықәса раԥхьа иҭархаз иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ ду Иури Воронов игәаларшәара амш Аԥсны дыргәаладыршәоит иналукааша аҵарауаҩ-кавказҭҵааҩы, аԥсуа жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа ируаӡәкыз Иури Воронов. Цәыббрамза 11, 1995 шықәса аԥсуа ҵарауаҩ Иури Николаи-иԥа Воронов иуаҭах ашәхымс аҟны еихсны дыршьуеит. 🇷🇺Ижәытәӡоу аурыс ҭауад ирхылҵшьҭраз, Ҵабал ақыҭа ииз, 1991 шықәсазы иара далхын Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс. 1992 шықәса хәажәкырамза инаркны 1993 шықәса ԥхынҷкәынмзанӡа ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет ауаҩы изинқәеи амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан Воронов Ареспубликаҿы имҩаԥысуаз аинформациатә қәԥара хантәаҩра азиуан. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook