🕊Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран дҭахеит арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа 2014 шықәса Лаҵарамзазы Дмитри Геннади-иԥа Кәыҵниа аказакцәа реизара ду аҿы Донбасстәи ацхырааратә штаб дадгылеит. Дмитри Геннади-иԥа иеибашьратә мҩа хьыӡла-ҧшала ихиркәшеит, аибашьра адәаҿы иааирԥшуаз афырхаҵареи агәымшәареи рзы изныкымкәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ианаршьахьан. Дмитри Кәыҵниа дышҭахаз атәы аарыцҳауеит Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатәи аказакцәа рырхәҭеи "Доброволец" захьӡу ауаажәларратә еиҿкаареи. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook