🕊 34 шықәса раԥхьа Москватәи аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 📌 Цәыббрамза 3, 1992 шықәса рзы Москва ақалақь аҿы Урыстәыла абжьаҟазарала Аԥсныи Қырҭтәылеи рыбжьара аԥсуа — ақырҭуа еимакы аҭышәныртәаларазы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Аиқәшаҳаҭра апункт хадақәа: 🔺 Аибашьра аанкылара 🔺 Қырҭтәыла аҵакыратә акзаара аиқәырхара 🔺 Изакәаным арбџьармчқәа рабџьар рымхра 🔺 Аҩганк рабџьармчқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра 🔺 Атҟәацәа реиҭныԥсахлара Цәыббрамза 5, асааҭ 12 рзы Москватәи аиқәшаҳаҭра азинмчы аиуит, аха уи амчра анаиу жәа-минуҭк рнаҩс Қырҭтәыла имҩаԥнагаз ажәылара ала даҽазнык иаанарԥшит "аԥсуа зҵаара" аӡбара аибашьратә мҩала мацара ишашьҭаз. Аибашьра иацҵан, анаҩс Аԥсны аиааира агоит. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook