⚛️ Аԥснытәи ашколхәыҷқәа атомтә усхкы азы аробототехникеи анеиробызкаҭаҳеи дырҵара иалагоит Уи мҩаԥысуеит "АТР АЕС" афонди "Росэнергоатом" аконцерни еицымҩаԥырго апроект "Атом акод" аҳәаақәа ирҭагӡаны. 📌 Алекциақәа ранҵамҭақәа "Атом акод" асоциалтә ҳақәеи (абра), "АТР АЕС" афонди (абра) рҿы иҟалоит. Апроект "Атом акод" ԥшьынтәуп имҩаԥыргоижьҭеи, есышықәса аҵара аҩаӡара иазҳауеит: адҵақәа еиҳа иуадаҩхоит, атемақәа еиҳа инарҭбааны иҭырҵаауеит. Апроект иуникалтәуп, ас еиԥш иҟоу адыррақәа уаҳа џьаргьы иоуӡом. Еиҳарак ихадоу: ахәыҷқәеи рырҵаҩцәеи аҵара еицырҵоит, урҭ нас аԥышәа егьырҭ аҵаҩцәа ирырҭоит. Уи азанааҭхырхарҭаҿы усура дууп, апрофильтә ҵараиурҭақәа рҭалара аҽазыҟаҵаразы, иара убас, ашколтә ҟәардә аҟынтәи аусхк азы акадртә потенциал, — ҳәа еиҭеиҳәеит афонд "АТР АЕС" ахантәаҩы Андреи Захарцев. АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook