💡⚙️Апрогресси атехнологиақәеи: Аԥсны Новосибирск имҩаԥысуа атехнологиатә ҿиара афорум иалахәуп 🤝Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Новосибирск имҩаԥысуа XIII Жәларбжьаратәи афорум "Технопром‑2026" иалахәуп. 💼Аԥснытәи аделегациеи Новосибирсктәи аобласт анапхгареи, аҳәаанырцәтәи аделегатцәеи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит. Уи аҭҵаарадырратә, аҵарадырратә, аинновациатә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәи аусеицура амч ҿыц анаҭоит. Афорум хымш имҩаԥыслоит, атема — "Урыстәылатәи аҭҵаарадырра атехнологиатә ԥхьагылара шьаҭас иамоуп". АТ АДАҞЬА: Instagram | YouTube | Facebook