✅Аԥсны ауааԥсыра рдиспансеризациеи раԥхьатәи ацхыраара аҭара дырҵареи Ас еиԥш хра злоу азыҳәарақәа ҩба агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иахь инаишьҭит. Ацҳаражәҳәарҭа афедералтә структурақәа рахь азыҳәа ҟанаҵеит. Агәра ганы ҳаҟоуп, иқәҳаргылаз ауснагӡатәқәа комплексла рыӡбара шҳалшо, — ҳәа азгәеиҭеит Гладков. 📺 Instagram | YouTube | Facebook