⚡️Аҳҭнықалақь аҿы Ашықәс ҿыц азгәаҭара аҽазыҟаҵара иаҿуп Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба имҩаԥигаз аилатәара иалахәын хықәкылатәи аусбарҭақәа рнаԥхгаҩцәеи, ақалақь аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа анаԥхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Леон Хециеи. Аилатәараҿы ирзааҭгылан Ашықәсҿыцазтәи аныҳәа аиҿкаара иазкыз азҵаарақәа. Ахақәиҭра ашҭаҿы аԥсаӡҵла ашьақәыргылара иалагахьеит. Ихадоу: 🔺аԥсаӡҵла хада аартра мҩаԥысуеит ԥхынҷкәын 21 рзы. Ахақәиҭра ашҭаҿы имҩаԥысраны иҟоу аныҳәа хырқәшахоит аконцерт ду ала, уи ашьҭахь еиҿкаахоит есҽны имҩаԥысло ашәаҳәаратә-акәашаратә программақәа. Убасгьы, хархәара аҭахоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы игылоу асценагьы. Аԥсаӡқәа рыргылара азгәаҭоуп Аҟәа жә-џьара 🔺30 метра аҳаракыра змоу аԥсаӡҵла хада 31 метра иаҳараку афымцарыԥх ала иҩычахоит, уи «аиаҵәақәа зҵыџьџьаауа ажәҩан» еиԥшхоит 🔺аныҳәатә џьармыкьа. Аусбарҭа анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба иажәақәа рыла, Ахақәиҭра ашҭаҿы ахәаахәҭратә павильион ҿыцқәа 22 аартхоит Аныҳәатә гәалаҟазаара аԥҵаразы ақалақь аҩычара иазку инарҭбаау апланқәеи, амаҵзурақәа зегьы русмҩаԥгатәқәа рсиеи аамҭа кьаҿк иалагӡаны ақалақь ахада Ҭемыр Агрба идгалахоит❗️ 📺 Instagram | YouTube | Facebook