Абизнес маҷи абжьаратә наплаки рзы аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара иалацәажәеит акомиссиа аилатәараҿы Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба ихантәаҩрала, абизнес маҷи абжьаратәи анаплаки ацхыраара рыҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәара мҩаԥысит. Абизнес азы аԥаратә хархәагақәа уажәазы ҩ-хырхарҭак рымоуп: 🔺Амаруга ахә аҟынтә 80% ахарҭәаара. 2026 шықәсазы анаплакҩцәа аиқәыршәагақәа раахәаразы 286 азыҳәа ҟарҵеит. Аекономика аминистрра аусшәҟәқәа ирыхәаԥшхьеит, уажәы акомиссиа апрограмма алахәылацәа ралхра иаҿуп. Ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа зегьы рзы амаругақәа рырҿыцразы 1,6 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара рзоужьхоит 🔺апроект ҿыцқәа рзы зинҷыдала акредитқәа. Аԥсны аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб иажәақәа рыла, абанкқәа аԥара рзоужьразы арзаҳалқәа даҽа ҩба рыдыргалеит. Аполимертә маҭәахәқәа рҭыжьреи амилаҭтә кәашарақәа рыстудиа аартреи рзы апроектқәа хҳәаада ирыдыркылеит Асубсидиақәа рызшаразы акомиссиа аусура иацҵоуп ✏️ 📺 Instagram | YouTube | Facebook