⚡️Женеватәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи араунд хырқәшоуп, аихшьаала хадақәа ҟаҵоуп Женева ихыркәшахеит Кавказнырцә ашәарҭадара иазку аилацәажәарақәа 68-тәи араунд. Ҳара ҳделегациа аусхәаԥштә аҿы х-дҵак ықәдыргылеит: 🔺аспорти аҭҵаарадырреи ақәыӷәӷәарада. Ақырҭуа ган Ҭырқәтәылеи Испаниеи имҩаԥысуаз атурнирқәа рҿы ҳаспортсменцәа рықәгылара аԥырхагахара иашьҭан, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афорум ашьҭахь адоцент Елчин Аӡынба лганахь ақәмақаррақәа ыҟан. Аполитика аспорти ажәа ахақәиҭреи ирԥырхагамхароуп 🔺амч ахархәара мап ацәкра. Арегион аҿы аҭынчра ашьақәыргыларазы ажәа мацара акәӡам иаҭаху, Қырҭтәыла Аԥсны иаҿагыланы амч ахархәара шалымшо азы азинтә еиқәшаҳаҭра хымԥадатәуп. Аиҿцәажәарақәа рҿы ари зҵаара хаданы иқәгылоуп 🔺Галатәи аиԥыларақәа реиҭахацыркра. Аԥсны Мрагыларатәи аҳәаа аҿы аҭыԥ змоу ахҭысқәа раԥырҟәҟәааразы амеханизмқәа рыԥшаареи,ҩ хархәара рыҭареи рзы иҷыдоу ажәалагалақәа ҟаҵоуп Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцҵаразы. Анаҩстәи аиԥылара амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп 2027 шықәса хәажәкырамзазы❗️ 📺 Instagram | YouTube | Facebook