Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.4%138 avg views
Posting 13.5/day last 2 hours ago
Reactions per 1K views 8.4 ❤ 👍 🔥
edited

⚡️ Амикроскоп ала аԥышәарақәеи амшын аҵаҟа иҟоу амаӡақәеи шәзыԥшуп Диоскураа рыԥшаҳәаҿы Абҵара 14 рзы Аҟәа иазгәарҭоит Амшын еиқәа Жәларбжьаратәи амш. Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аҵарауаа аԥшаҳәа ахәыҷқәеи адуцәеи рзы ажәҩан аҵаҟатәи аҭҵаарадырратә ҭыԥны иҟарҵоит. Аныҳәатә программа: 🔺ахәыҷтәы лабораториа (12:15–16:30) — асасцәа қәыԥшцәа амикроскоп ала амшынӡи амшын аҵаҟа иҟоу амаӡақәеи ҭырҵаауеит, иара убасгьы, аԥышәарақәа мҩаԥыргоит. 🔺афотоцәыргақәҵа (12:15–17:00) — амшын аӡаҵаҟатәи адунеии амшынтә биологцәа русурамшқәеи ирызку ауникалтә кадрқәа рыла ишьақәгылоуп. 🔺иаарту алектори (асааҭ 12:30 инаркны) — амшын аӡымҩасқәеи аекологиеи ирызку икьаҿу алекциақәа мҩаԥгахоит. Урҭ алекциақәа рҿы аҵарауаа аинтерес зҵоу азҵаарақәа рыҭара шәылшоит. 📍Иаба: Диоскураа рыԥшаҳәаҿы (амилаҭтә библиотека ааигәара) 🕐Ианба: абҵара 14, асааҭ 12:00 инаркны 17:00 рҟынӡа (аартра ацеремониа асааҭ 12:00 рзы) Ҭаацәаныла шәымҩахыҵ!❗️ Аиҿкааҩцәа: Аҟәа ақалақь Ахадара ацхыраарала аусмҩаҧгатә еицеиҿыркааит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа аинститути, Аҟәа ақалақь аҧшаҳәеи апаркқәеи рдирекциеи. 📺 Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

02040608011 Nov 14:3012 Nov 10:126711 Nov 14:30: 0 views12 Nov 06:18: 57 views12 Nov 10:12: 67 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
11 Nov 2026, 14:300
12 Nov 2026, 06:1857
12 Nov 2026, 10:1267

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.