🇨🇭Аԥснытәи аделегациа алахәуп Женева имҩыԥысуа Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа ирызку аконференциа 📆Абҵара 10 инаркны 11-нӡа Женева имҩаԥысуеит Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи араунд. 🇷🇺 Аусмҩаԥгатә аҿы Аԥсны хаҭарнакра азыруеит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа напхгара ззиуа аделегациа алахәылацәа. Иацы заанаҵтәи аилацәажәарақәа мҩаԥысит, иззааҭгылаз иреиуан: 🔺амч ахархәара мап ацәкразы ииашоу амҩақәа рыԥшаара Иахьа иҷыдоу ҩ-гәыԥк аусура иалагеит абарҭ атемақәа рыла: 🔺арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рызҵаарақәа 🔺агәыҳалалратә зҵаарақәа рҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа 📺 Instagram | YouTube | Facebook