❤️ Аԥснынтәи аспециалистцәа 180-ҩык Москва имҩаԥысуаз акурсқәа ирхысит Апсихологиатә дгылареи, зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа ацхыраара рыҭареи ирызкыз иҷыдоу акурсқәа ирхысит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуа 180-ҩык Аԥснынтәи аспециалистцәа. Урҭ рыбжьара арҵаҩцәа, алогопедцәа, апсихологцәа. Дара шықәсык аҩнуҵҟа анахаралатәи акурсқәа ирхысуан Москватәи аҳәынҭқарратә аԥсихологиатә-педагогикатә университет аҿы. 72 академиатә сааҭ ззыԥҵәаз апрограмма акыр зҵазкуа атемақәа ирызкын: 🔺аҵаратә еиҿкаарақәа рҿы ирласӡоуи акризистәи цхыраара аҟаҵара 🔺аинклиузиа 🔺аҵареи, ацәажәареи, ахымҩаԥгашьеи рҿы ауадаҩрақәа змоу ахәыҷқәа рыцхраараҿы амаанақәа ✅ Акурс инагӡаны иахысыз 54-ҩык рҵара шыхдырқәшаз зыршаҳаҭуа асертификатқәа рыҭан. Ари раԥхьатәи шьаҿақәоуп, ԥхьаҟа лабҿабатәи аформат ала аусеицура ацҵара азгәаҭаны иҟоуп. Апроект еицеиҿыркааит Урыстәылеи Аԥсни рҵарадырратә министррақәа 📺Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.5/day
last 2 hours ago
Reactions per 1K views
8.4
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 11 Nov 2026, 09:50 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 136 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.