💃«Аураашьа» артистцәа қәҿиарала Дубаи иқәгылеит Абҵарамза 6 рзы, Еиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы имҩыԥысит «World Folk Dances: Through Children’s Eyes» захьӡыз, адунеи атәылақәа зегьы рҟынтәи ахәыҷтәы гәыԥқәа еидызкылаз, жәлар рыкәашарақәа рфестиваль. Афестиваль аҿы ҳтәыла ахьӡала иқәгылеит ахәыҷтәы акәашаратә театр «Аураашьа». Ҳартистцәа адиплом ранашьан, «афестиваль рҽахьаладырхәызи, иаадырԥшыз абаҩхатәреи, ҟазареи, акәашарахь абзиабареи» рзы. 📺Instagram | YouTube | Facebook