⚡️Ҧхьаҟатәи аҧеиҧш иреиӷьӡақәоу рнапы иануп Анапхгараҭарҭатә ҟазарҭа Сенеж ихацыркуп «Аԥсны акоманда 2.0»: уажәтәи апрограмма иалахәуп 53-ҩык, урҭ рыбжьара аминистрцәеи, аҟәшақәа рнапхгаҩцәеи, аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩцәеи, урҭ атәыла аҿиаразы аҧшьгарақәа ааба еиқәдыршәоит. Иреиӷьу ҳәа иалкаахо нагӡахоит. 📌Апрограмма бжьымз имҩаҧыслоит, уи иаҵанакуеит Аҧсни Урыстәылеи имҩаҧгахо амодульқәа ҧшьба. Иара убасгьы апроект актәи асезон алахәылацәа уажәтәи апроект иадыҧхьалахоит. Атәылеи, араиони, ма аилахәыреи рықәҿиарақәа еснагь изыбзоуроу ауаа роуп. Иарбанзаалак акыр зҵазкуа аус анагӡара зылшо зҳәоу еиқәшәо агәыԥ ауп, — иҳәеит Урыстәыла Ахада иусбарҭа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко апрограмма алагара ахҳәаа азуа. 📺Instagram | YouTube | Facebook