🌟Урыстәыла Аҩадатәи аҳҭнықалақь аҿы Аԥсны аҿар реиԥылара мҩаԥысит Санкт-Петербургтәи аиԥылара еилаԥсоу аформат ала еиҿкаан: хаҭалатәи алахәхара адагьы, Германиеи, Ҭырқәтәылеи, Франциеи инхо аԥсуа ҿар рхаҭарнакцәагьы видеозхьарԥшла рхы аладырхәыртә алшара рыман. Аиԥылараҿы ирылацәажәан амилаҭтә хаҿра аиқәырхара, атәыла акультура жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы аларҵәара, аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҵакы уҳәа, иззааҭгылаз азҵаарақәа акыр ирацәан. 📌Аусмҩаԥгатә алахәылацәа адныҳәаларатә шәҟәы рзааишьҭит Урыстәыла иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа. Уи аҟны адипломат иазгәеиҭеит аҵарадырреи акультуреи русхкқәа рҿы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аимадара ахьчареи арӷәӷәареи аҵакду шрымоу. Иара убас, Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа, ахаҭарнакра аусура иамоу аҷыдареи, зынагӡара иаҿу акультуратәи агәыҳалалратәи проектқәеи ртәы рзеиҭалҳәеит иҟалҵаз авидео нашьҭымҭаҿы. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа далацәажәеит аԥсуа культуреи адоуҳаи реиқәырхареи, ҳҿар ракзаареи ирымоу аҵакы атәы. Аусмҩаԥгатә еиҿкаан Санкт-Петербургтәи акультуратә-ҵарадырратә еилазаара «Аԥсны», Адунеизегьтәи абаза конгресс акультуратә-ҵарадырратә цикл «Аԥсуара» аҳәаақәа ирҭагӡаны 📺Instagram | YouTube | Facebook