🏢 Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзы иахьа иҷыдоу мшуп — атәыла зегьы аҿы амилициа амш азгәарҭоит. 📌 Имҩаԥысыз аилатәараҿы Беслан Бигәаа амилициа аусзуҩцәа аныҳәа рыдиныҳәалеит: Амилициа амш, ари аусбарҭа аҭоурых агәалашәаразы, насгьы уи аҿиара ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа ҳаҭыр рықәҵаразы лшара бзиоуп. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит амилициа аветеранцәа, — иҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ. 📺Instagram | YouTube | Facebook