❗️ Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы ашықәс нҵәаанӡа аԥсыӡкра ҟалаӡом Аԥкра алагалахоит уаҵәы, абҵарамза 10 инаркны. Аҟәырҭ ашьҭаҵараан амлагәыр ахьчаразы уи хымҧадатәуп. Иара убас, ишәгәалаҳаршәоит, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы «Ҷыдала ихьчо аԥсабаратә ҭыԥқәа рзы» азакәани, РАП аусуразы аԥҟаррақәеи инарықәыршәаны, апарк аҩнуҵҟа ашәарыцара уахь иналаҵаны, аҧсабара ҧырхага азҭо иарбанзаалакгьы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ҟалом, — ҳәа аанацҳауеит апарк ахадара. 📺Instagram | YouTube | Facebook