⭐️Аԥснытәи аҵараиурҭақәа ирзыршеит хнызқь инареиҳаны ашәҟәқәа Аҟәа иҟоу Москватәи аҩни «Урыстәылатәи атәылауаа Реидгылеи» амҽхак ду змоу агәыҳалалратә усмҩаԥгатә еицымҩаԥыргеит, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәҟә ҿыцқәа ҳамҭас ирырҭеит: 🔺Тҟәарчалтәи ахәыҷтәы библиотека хада 🔺Аҟәатәи иҳәынҭқарратәым ашкол «Алашара» 🔺Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла аԥхьаратә клуб Абиблиотекақәа рышәҟәҭагаларҭатә еизгақәа рхарҭәаара акырӡа зҵазкуа лагалоуп аԥхьаратә культуреи аҵарадырреи рыҿиараҿы, иара убас Аԥсны ауааԥсыра зхаҭабзиара ҳараку алитература роуразы, — ҳәа аанацҳауеит Аҟәа иҟоу Москватәи аҩны асоциалтә даҟьақәа рҿы. 📌Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Москва анаԥхгареи Москватәи адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа Рдепартаменти, иара убас Москватәи ашәҟәҭыжьырҭа «Даръ» рфинанстә цхыраарала 📺Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 31 minutes ago
Reactions per 1K views
8.2
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 9 Nov 2026, 13:05 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 105 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.