️⚡️Ҳаиқәырхаҩцәа Москва иҷыдоу акурсқәа ирхысуеит Аҿартә уаажәларратә еиҿкаара «Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа ҿарацәа ркорпус» алахәылацәа Москва, Урыстәылатәи атехнологиатә университет аҿы ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа иҷыдоу аҽазыҟаҵарақәа ирхысуеит. 📌«Аԥшааратә-еиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа рзы аиқәырхаҩцәа раԥхьатәи рзанааҭтә зыҟаҵара» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аиқәырхаҩцәа есҽны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит, урыстәылатәи рколлегацәеи дареи рԥышәа еимырдоит, аиқәырхаратә усура ахырхарҭа инагӡаны иҭырҵаауеит. 📺Instagram | YouTube | Facebook