❗️ Бадра Гәынба Сергеи Кириенко диԥылеит Москва Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩи реиԥылараан ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа. 🔺 аенергетикатә усхкаҿы аусеицура 🔺 агәабзиарахьчара иазкәу еицырзеиԥшу апроектқәа 🔺 ақыҭанхамҩа аҿиара адгыларазы аусмҩаԥгатәқәа 🔺 аҭыԥантәи анаплакыҩцәа рзы зинҷыдала иоушьҭхо акредитқәа 🔺 акурорттә усхкы аҿиара 🔺 аинфраструктура азҵаарақәа, Ԥсоу аӡиас аҿы аушьҭырҭатә ҭыԥ аиҭашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны Уи инаҷыданы, Урыстәылатәи «Аԥсеиҭакра ду» еиԥшу аконкурс аԥҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Ашықәс нҵәаанӡа ари аконкурс еиқәыршәахоит абжьаратәи ашколқәа рҵаҩцәа рзы. Иааиуа амчыбжь азы алагарҭатә классқәа рҵаҩцәа рзы аицлабра хацыркхоит. Аиааира згаз Велики Устиуг иҟоу Аҵаа Бабаду инхарҭа, мамзаргьы Кремльтәи аԥсаӡҵла аҭааразы алшара роуеит. 📺Instagram | YouTube | Facebook