❗️ Аҳабла Ҿыц фымцала аиқәыршәара иаарласны еиҭашьақәыргылахоит Амҽышауха иҟаз амшцәгьаан 10 кВ амчхара змоу афымцацәаҳәа амацәыс асит. Уи иахҟьаны Аҳабла Ҿыц амҩадуқәа жәпакы фымцалашарада иаанхеит. Аҟәатәи афымцеихшарҭа аспециалистцәа ҵхагәанынӡа аус руан, аха аԥхасҭа рзаԥымхӡеит. Иахьа шьыжьнаҵы аусурақәа ирыцҵан, афымцалашара змам иаарласны ирыҭахоит, ҳәа аанацҳауеит «Амшынеиқәафымцамч». 📺Instagram | YouTube | Facebook