️⚡️Аҟәатәи аспортсменцәа хҩык карате азы адунеи ачемпионат аҿы амедалқәа хԥа ргеит Аԥсны еизгоу акоманда, ақалақь Ориол ихыркәшаз карате азы ачемпионат аҿы алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. 31-тәыла рҟынтәи 4000-ҩык иреиҳаны иалахәыз аиндаҭлаҩцәа рыбжьара, аицлабра ду аҿы иалкаан ҳаспортсменцәа, ахҩыкгьы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ргеит: 🥈Самед Бабаев – адунеи ачемпионат аҿы араӡын медал даԥсахеит( 16-17 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара) 🥉 Дмитри Ҷанба – адунеи ачемпионат аҿы аџьаз медал даԥсахеит (18 шықәса зхыҵхьоу ахацәа рыбжьара) 🥉Баграт Қәҭарба – адунеи ачемпионат аҿы аџьаз медал даԥсахеит (14-15 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара) Ари аиааира ду алҵшәоуп аспортсменцәеи, урҭ рырҵаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, карате киокусинкаи Афедерациа ахада Витали Ҷыҭанааи еицырбаз аџьабаа. Аԥснытәи карате ашкол жәларбжьаратәи асценаҿы даҽазныкгьы иаанарԥшит иреиҳау азыҟаҵаратә ҩаӡара. Анаҩсгьы аихьӡара дуқәа рзеиӷьаҳшьоит! 🇷🇺 📺 Instagram | YouTube | Facebook