🏢 Агәабзиарахьчара азҵаарақәа ирызкыз аилатәара далахәын иҷыдоу асас Виачеслав Гладков, агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа иҟаиҵаз ааԥхьарала, амашәырқәа раан иҷыдоу, атактикатә ҟазшьа змоу амедицианатә зыҟаҵарақәа реиқәыршәара иазку аилацәажәара ихы алаирхәит. Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ аҩ-ҳәынҭқаррак хықәкылатәи русбарҭақәа рыбжьара аусеицура анаҩсгьы аҿиара шаиуа, агәабзиарахьчара аспециалистцәа рԥышәа аимдара шалыршахо азы агәрагара ааирԥшит. Ҳара иаҳҭахуп аҭагылазаашьа ҷыдақәа иахьынӡазалшо имаҷхарц, аха ашәарҭадара аԥҵара аларшаразы зегьы ҳрызхиазароуп, — ҳәа азгәаиҭеит Гладков. 📺Instagram | YouTube | Facebook