Аԥсны аерманцәа реилазаара ас еиԥш иҟоу апровокациақәа иахьрықәыӡбо, ауаажәларраҿы аимак-аиҿак алхразы аҽазышәарақәа ахьрыдрымкыло акырӡа аҵанакуеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихы алаирхәит есышықәсатәи Амшентәи аерманцәа ркультуреи рыбзазареи рфестиваль «Амшен». Аҳәынҭқарра ахада ауаажәларра рыбжьара агәынамӡара цәырызгаз аҭыжьымҭа «Амшын Еиқәа аҿықәынтәи аерманцәа» иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, ари акьыԥхьымҭа ашәҟәы ҳәа азҳәара шыуадаҩу, насгьы ас еиԥш иҟоу апровокациақәа иаразнак ишаанкылалатәу. Ажәашықәсақәа рыҩнуҵҟа ишьақәгылоз — аиҩызареи, аигәылара бзиеи, аҳаҭырқәҵареи рыбзоурала иҟоу аҭынчра аилагаразы аҽазышәарақәа зегьы ӷәӷәала ишрықәыӡбалатәу. 📺Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 1 hour ago
Reactions per 1K views
8.2
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 6 Nov 2026, 15:15 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 118 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.