Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.4%138 avg views
Posting 13.6/day last 1 hour ago
Reactions per 1K views 8.2 ❤ 👍 🔥

⚡️Ауаажәларратә палата ааԥхьара ҟанаҵеит Аԥсны аенергетикатә стратегиа аԥҵаразы Ауаажәларратә палата аенергетика азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥнагеит. Уи аихшьаалақәа Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәҵан. Ихадоу алкааны ахҳәаа ҟауҵозар: 🔺️️️️️️ 95 000 абонентцәа рҟынтә 60 000 ҳаамҭазтәи асистема рзаҿаркхьеит. Уи афымцамч ахархәара ахылаԥшра аҩаӡара акырӡа еиӷьнатәуеит 🔺️️️️️️ аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩнуҵҟа раԥхьаӡа акәны Аԥсны аӡынра иҭалоит афымца аиԥҟьарақәа рыда Аха, иҟоуп агәҭынчымра узцәырызго азҵаарақәагьы: 🔺️️️️️️️ 2026 шықәсазы Аԥсны афымца азымхара 600 миллион кВтсааҭ инареиҳаны ишьақәнаргылоит 🔺️️️️️️️ 2027 шықәса алагамҭазы афымца азымхара 400 миллион кВтсааҭ иреиҵамкәа иҟалоит 🔺️ адгалара ҟаҵоуп Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә еилазаарақәа рҟынтәи аекспертцәа 🔺️️️️️️ Аԥсны Аҳәынҭқарра аенергетика аусхк аҿиаразы астратегиа аус адулатәуп, апроект еиқәыршәатәуп ҳәа азгәаҭан. Аусура Аԥсни Урыстәылеи рыҭҵаарадырратә еилазаарақәа рҟынтәи аекспертцәа радыԥхьаларазы ажәалагала ҟаҵан 🔺аҩнуҵҟатәи амчхаратә еиқәыршәара аизырҳара азы афымцатә станциатә комплексқәа реиҭашьақәыргыларазы ажәалагала ҟаҵоуп 📌Егрытәи аӡфымцастанциа шьақәгылоуп афымцеихшарҭақәа ԥшьба рыла. Урҭ аибашьраан русура аанкылан. 2004 шықәса рзы руак аусура иаларган, аха даҽа хԥа иахьа уажәраанӡа русура аанкылоуп 📺 Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

0501006 Nov 13:1012 Nov 06:181096 Nov 13:10: 0 views12 Nov 06:18: 109 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
6 Nov 2026, 13:100
12 Nov 2026, 06:18109

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.