⚡️Агәаран ақәгыларада атәылауаҩра аиуреи, згәабзиара ҷыдоу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭареи: Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа аусура ахырхарҭа хадақәа Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков ҳазҭоу аамҭазы ҩганк еицырзеиԥшу асоциалтә азҵаарақәа дрылацәажәеит: 🔺Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы агәаран ашықәс нҵәаанӡа иаркхоит. Аԥхын зышәҟәқәа рхарҭәаара иазыԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 3000-ҩык иреиҳан. Аконсултә ҟәшеи, «Росатом» аспециалистцәеи Аԥснытәи ауниверситет аҟынтәи хатәгәаԥхарала ацхыраара ҟазҵоз астудентцәеи, аус акырӡа идырццакит: рашәарамзазы мызкала 120 азыҳәа рыдыркылон, жьҭаарамзазы ахьыԥхьаӡарақәа 625 рҟынӡа инаӡеит 🔺Очамчыра араион ашколқәа рҿы аинклиузивтәи аҵарадырразы апроект анагӡара иаҿуп. Виачеслав Гладкови ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи реицәажәараан ирзааҭгылан згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара азҵаарақәа. Аԥснытәи аспециалистцәа Урыстәыла аҽазыҟаҵарақәа хдыркәшахьеит. Уажәшьҭа урҭ араионтә школқәа рҿы аусура иалагоит, згәабзиара ҷыдоу ахәыҷқәа рықәлацәа ирыхьӡаны аҵара рҵартә иазыҟарҵалоит 🔺 Гал араион аҿы аҩнытә паллиативтә цхыраара амҩаԥгара иалагоит. Афонд "Ахәыҷтәы кьыбачымазара иаҿагыло Иԥшьоу Белогорие" ацхыраарала, ахәышәтәыгатә еиқәыршәагақәа қьырала рхархәаразы ацентр аартра, аусзуҩцәа аҵара дырҵара, ахәышәтәырҭақәа рахь аҭаацәа рныҟәарақәа реиҿкаара азԥхьагәаҭаны иҟоуп Урыстәылеи Аԥсни рыспециалистцәа еицырзеиԥшу арҭ апроектқәа асоциалтә программақәа рырҭбаареи, Ареспубликаҿы аҵарадырратә метод ҿыцқәа ралагалареи ирызкуп. Аусура иацҵоуп! 🇷🇺 🤝 🇷🇺 📺 Instagram | YouTube | Facebook