📺 Амилаҭтә телехәаԥшра 48 шықәса ахыҵит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҭоурых хацыркын абҵара 6, 1978 шықәсазы. Уи аҽны ахәаԥшцәа идырбан аԥсуа бызшәала еиқәыршәаз сааҭки бжаки ицоз апрограмма. Аусура аҩбатәи амш азы, еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа (ПТС) ала иҭаҩын раԥхьатәи арепортажқәа. Ираԥхьатәихаз дырраҭарахеит, иахьа уажәраанӡагьы ицо есҽнытәи ажәабжьқәа рыпрограмма «Амшеикәшара». Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ателехәаԥшра аусура иацҵан Гәдоуҭантәи. 413 мшы аибашьра цонаҵы уи аусура шамахамзар еиԥымҟьеит. Аибашьраан ателехәаԥшра аусзуҩцәа 6-ҩык русура анагӡараан иҭахеит. Иахьатәи аамҭазы ателехәаԥшра ҩ-бызшәак рыла аефир ахь ицәырҵуеит, «Амшеикәшара» адагьы авторцәа иаздырхиоит амчыбжь ахҳәаақәа ирызку аинформациатәи аналитикатәи дырраҭарақәа «Сабшала», «Амчыбжь», иааизакны ҳаамҭазы 25 инарзынаԥшуа проектқәеи атематикатә дырраҭарақәеи аефир ахь ицәырҵуеит. Зеиԥшла мышкы Аԥсуа телехәаԥшра жәохә сааҭ аефир аҟны иҟоуп. 📺 Instagram | YouTube | Facebook
Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Subscribers
1.5K
+0 24h
Reach per post (ERR)
9.4%138 avg views
Posting
13.6/day
last 1 hour ago
Reactions per 1K views
8.1
❤ 👍 🔥
Views over time
| When | Views |
|---|---|
| 6 Nov 2026, 07:02 | 0 |
| 12 Nov 2026, 06:18 | 116 |
Who shared this post
Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)
Nobody yet.