Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.4%138 avg views
Posting 13.6/day last 1 hour ago
Reactions per 1K views 8.1 ❤ 👍 🔥

⚡️Аусеицура арӷәӷәара: Бадра Гәынба Краснодартәи атәылаҿацә ахада Вениамин Кондратиев диԥылеит Урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа аара азкәуп аимадарақәа рырӷәӷәареи, ихадоу, ҩганк еицырзеиԥшу апрограммақәа рынагӡашьа ахәаԥшреи. Аҳәынҭқарра ахада асасцәа иаадырԥшуа азҿлымҳаразы ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иазгәаиҭеит иуадаҩыз аамҭақәа раан Ҟәбан еснагь Аԥсны адгылара шанаҭоз атәы. Ихадоу: 🔺аекономикеи ахәаахәҭреи. Иҳаҩсыз ашықәс азы арегионқәа рыбжьара ахәаахәҭра 10 миллиардк мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳазҭоу ашықәс актәи абжазы уи 4 миллиардк мааҭ иреиҳахеит 🔺атуризм. Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза аусуреи, атуристтә дәыӷбатә маршрут ҿыц ахацыркреи аимадарақәа рыҿиаразы алшара ҿыцқәа аԥырҵоит 🔺Аҟәа аинфраструктура. Краснодартәи атәылаҿацә ахахьы иганы аиҭашьақәыргылара иаҿуп ақалақь аԥшаҳәаҿы иҟоу асқьала - аобиект аусура иалагоит ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы 🔺асоциалтә хырхарҭа. Ҳазҭалоу ашықәс жьырныҳәамзазы Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратәи ашкол акапиталтә ремонт хацыркхоит, хазы иргылахоит ашколхәыҷқәа рзы акрыфарҭагьы. Аусура ахырқәшара азгәаҭоуп 2027 шықәсазы Ҳтәылаҿы имҩаԥырго апроектқәа рзы Бадра Гәынба Краснодартәи атәылаҿацә анапхгареи ауааԥсыреи иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Агәра диргеит, Аԥсны, ахырхарҭақәа зегьы рыла ганрацәалатәи аусеицура арҿиара ишазыхиоу азы 🇷🇺 🇷🇺 📺 Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

0501005 Nov 12:4412 Nov 06:181075 Nov 12:44: 0 views12 Nov 06:18: 107 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
5 Nov 2026, 12:440
12 Nov 2026, 06:18107

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.