⚡️Жәлар Реизара-Апарламент аҿы абиуџьеттә Еилакы инеиҵыху аилатәара мҩаԥысуеит, уи хантәаҩыс дамоуп Беслан Ҳалуашь Ихадароу асоциал-еканомикатә зҵаарақәа рылацәажәара иалахәуп аԥыза-министр Владимир Делбеи, аиҳабыреи хықәкылатәи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа. Аиԥылара атема хадақәа иреиуоуп абиуџьет анагӡара алҵшәақәа, ареспублика иахьатәи аекономикатә рбагақәеи, афинанстә уадаҩрақәа рыӡбашьа амҩақәа ралкаареи. Аиԥылара аартуа, Беслан Ҳалуашь иҳәеит ишьҭыххо азҵаарақәа зегьы инҭырҳәыцааны анализ шырзухо, уи ишалнаршо еицырзеиԥшу астратегиатә ҟазшьа змоу аӡбамҭақәа рыдкылара. Аԥыза-министр Владимир Делба ажәалагала ҟаиҵеит абиуџьет азҵаарақәа инарҭбааны рылацәажәара ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи ранализ ала алагаразы: Абарҭ ахәҭақәа, ҷыдала, абиуџьет анагӡара аҩаӡареи, аекономика аҭагылазаашьа аилкаареи рзы ихадароу рбагақәоуп. Уахь иаҵанакуеит ахашәалахәи, ихадароу ахырхарҭақәа адгылара рыҭареи, рынагӡара ацхраареи. Анаԥхгара аҿы аус зуа сколлегацәеи сареи ҳазыхиоуп ишьҭышәхуа иарбанзаалак атема инҭырҳәыцааны алацәажәара, насгьы адепутатцәеи ҳареи еизааигәоу, хра злоу аусеицура ҳабжьаҵара, — иҳәеит аԥыза-министр. Аиԥылара иалахәу аконструктивтә еицәажәарақәеи, атәыла аекономика аҿиаразы астратегиатә ӡбамҭақәа рыԥшаареи иазыхиоуп❗️ 📺 Instagram | YouTube | Facebook