⚡️«Аԥсны ҿа» раҧхьатәи араионтә ҟәша аусура иалагеит Гагра. Аҟәша ҿыц наԥхгара аиҭоит Даур Ҷанба Ари аҭыҧ ҟалоит аҿар реидкылареи, аҧшьгарақәа рыдгылареи, асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа рынагӡареи рзы хаҭарнакраны. «Аҧсны ҿа» аҟәша ҿыц ашәқәа аартуп араион аԥсҭазаара зҽалазырхәырц, аҳәынҭқарра аҿиараҿы злагала ҟазҵарц зҭаху зегьы рзыҳәан. 📺 Instagram | YouTube | Facebook