Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.4%138 avg views
Posting 13.6/day last 2 hours ago
Reactions per 1K views 8.1 ❤ 👍 🔥

⚡️Амандаринақәа сынтәа игәҩанны иҭаргалоума? Изеиԥшрахозеи 2026 шықәсазы ацитрустә сезон? Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аҽаҩра аизгареи, уи аҳәаанырцә аҭиреи рызҵаарақәа ирызкны аилатәара ду мҩаԥигеит. Уи иалахәын Аминистрцәа Реилазаара, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, аҳазылхратә еилаки русзуҩцәа, аҳәаахьчаҩцәа, иара убас ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәа. Адырразы ихадароу: 🔺аҭагалара аамҭа игәҩанны ихацыркуп: аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны, ацитрустә шәырқәа рыҟалара маҷк иагхеит. Ари ашәырхк аҳәаа ахыгара иалагоит абҵарамза аҽеиҩшамҭази, ԥхынҷкәын раԥхьатәи амчабжьи рыҩнуҵҟа.Уажәы ицоит афеихоа аизгара, аусурақәа рхырқәшара азгәаҭоуп иаарласны! 🔺 аҳәааҿы ахылаԥшра: аҳәааҿы агәаранқәа ҟамлар ауп. Аҳазылхыҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи ашәҟәқәа ирласны ихарҭәааны ауаа ирырҭалар ауп 🔺атарифқәа ишыҟоу рааныжьра: Аҳәынҭқарра Ахада аҳаза ашьҭыхразы азин ҟаимҵаӡеит, уи иалнаршоит ақыҭанхамҩатә ааглыхҩцәа иаҭахым абаџь рацәыхьчара 🔺азауад ҿыц: сынтәа Аԥсны аусура иалагоит зхаҭабзиара уамак иҽеим ацитрустә шәырқәа аус ахьрыдырулало азауад. Уи ақыҭанхацәа алшара рнаҭоит аҭиразы ирмыхәо ашәыргьы аԥара аҭныхразы. Иазгәаҭатәуп, ҳазҭоу аамҭазы аиҿцәажәарақәа шцо Аԥсны иҟаҵоу, ацитрустә шәырӡ аҳәаанырцә аҭиразы Зегьы раԥхьа иргыланы ҳара еилаҳкаароуп зыӡбахә цо ҳанхацәа рџьабаа шакәу. Дара ашықәс аҩнуҵҟа ашәырҵлақәа аус рыдырулоит, аџьабаа рыдырбалоит, иагьақәгәыӷуеит ианаамҭоу ахашәала рыҭныхра. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭира иадҳәаланы аԥынгыла аԥҵара аӡәгьы азин имам, — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба 📺 Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

0501004 Nov 10:4412 Nov 06:18924 Nov 10:44: 0 views12 Nov 06:18: 92 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
4 Nov 2026, 10:440
12 Nov 2026, 06:1892

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.