❗️2025 шықәсазы Урыстәылатәи атуристка Амина Бикбова дишьит ҳәа гәҩарас ирымаз Едгар Абыхәба Белоруссиа атәылауаҩ лцәа ԥиҽырц аҽазышәара ҟаиҵеит, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада Ашьаус хацыркуп. Уажәы Абыхәба дҭакуп Оренбургтәи атәылаҿацәынтәи иааз аԥсшьаҩы лышьразы ахара идҵаны. Заатәи аусҭҵаара адыррақәа рыла, 2025 шықәса цәыббра 18 рзы Абыхәба Е. Г. Гагра ақалақь аҿы иҟоу асасааирҭа «Европа» аҿаԥхьа, амшын ахықәан лыԥсшьараан атәылауаҩ Петришье И. И. лцәа ԥиҽырц хықәкыс иҟаҵаны, лцәеижь ааха аиҭеит, аха игәҭакы аҵыхәтәанынӡа анагӡара илымшеит иара ихьыԥшымыз аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, Петришье И. И. лыбжьы заҳаз рыцхыраара лхы иархәаны, дицәыбналеит, — ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. 📺Instagram | YouTube | Facebook