🇷🇺 🇷🇺Бадра Гәынба Владимир Путин жәлар ракзаара Амш идиныҳәалеит Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа! Жәлар ракзаара Амш инамаданы, Урыстәылатәи Афедерациа милаҭрацәала еилоу ажәлар зегьы гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит! Ари аныҳәа урыстәылатәи ауаажәларра реидгылареи, амилаҭтә акзаара амчи, аҭоурыхтә традициақәа рышьҭрамадареи, Аԥсадгьыл алахьынҵазы азеиԥш ҭакԥхықәреи ирсимволуп. Шәышықәсалатәи Урыстәыла аҭоурых агәра угаратәы иаанарԥшуеит ажәларқәа ракзаареи, адоуҳатәи акультуратәи беиарақәа пату рықәҵареи, реиқәырхареи аҳәынҭқарра амч дуи ихадоу шьаҭақәаны ишыҟоу. Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ҳаамҭазтәи аҭахра дуқәа ириааины, инеиԥынкыланы аекономикатәи анаука-техникатәи потенциал арӷәӷәоит, амилаҭтә интересқәа ирыдгылоит, азинеиҟарареи, наҟ-ааҟтәи аҳаҭырқәҵареи, аҳәынҭқаррақәа зегьы ринтересқәа ҳасаб рзуреи рыпринципқәа шьаҭас измоу адунеиеиҿкаара ашьақәыргылара иадгылоит. Шәышықәсалатәи аҭоурыхтә еиҩызареи, адоуҳатәи акультуратәи беиарақәа рзеиԥшреи, агәрагареи, аидгыларатә еинырреи шьаҭас измоу аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҵак ҷыда рымоуп. Ҳара ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз астратегиатә партниорреи аидгылареи реизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны иаҳшьоит, урҭ анаҩстәи рырӷәӷәареи рыҿиареи еснагь хықәкыс иҳамоуп. Ари аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит, ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиара ҿыцқәа, Урыстәыла аиашьаратә жәлар — аҭынчреи, акзаареи, аизҳазыӷьареи. 📺Instagram | YouTube | Facebook