⚒️ Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба Аҳабла Ҿыц аҿы амҩақәа рыҟаҵара иахьаҿу аҭыԥқәа дырҭааны игәаиҭеит Аусурақәа рымҩаԥысшьа агәаҭараан Ҭемыр Агрба дицын уи ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба. Уажәазы Агрба имҩаду азганк аҟны аусурақәа хҳаркәшоит. Акаҭран азганк аҿы иқәҵаны иалгахьеит, уажәы амҩаду аҩбатәи аганахь ииасраны иҟоуп; уаанӡа араҟа аӡымҩангагатә цәаҳәақәа зегьы ԥсахын. Агрба имҩаду аҩбатәи аганахь ҳаиасуеит уажәы. Цәыббрамза 30 амҩадугьы ганк аҿы аусурақәа хыркәшоуп, аха егьи аган аҿы ҳаззыԥшымыз аусурақәа рымҩаԥгара ҳақәшәеит, уаҟа ҭыԥк аҟны абетон шьҭаҵатәуп. Аусурақәа шхыркәшахалак, акаҭран ашьҭаҵарахь ҳаиасуеит. Сынтәа иазԥхьагәаҳҭо аусурақәа иреиуоп Гәымсҭатәи амҩаду аҟаҵарагьы. Аҳауатә ҭагылазаашьа алшара ҳнаҭар, ашықәс нҵәаанӡа аусурақәа уаҟагьы ихыркәшахоит, — абри атәы иҳәеит аҳҭнықалақь ахада. 📺Instagram | YouTube | Facebook