Apsua Tv/Абхазская Государственная Телерадиокомпания

@apsuatv · Kazakh · active

Subscribers 1.5K Subscribers, last 30 days: 1.5K → 1.5K +0 24h
Reach per post (ERR) 9.4%138 avg views
Posting 13.6/day last 11 minutes ago
Reactions per 1K views 8.1 ❤ 👍 🔥

🏢 Аҳәынҭқарра Ахада аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥигеит, Россотрудничество аиҳабы иабжьгаҩ аҳамҭа ианеишьеит Аусуратә еиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳасабырбақәа ҟарҵеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәбеи, аҵарадырра аминистр Хана Гәынбеи, атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи. Ахырхарҭақәа зегьы рҿы иҟоу аҭагылазаашьазы аҳасабырбақәа: 📌Аенергетика 🔺Атәыла аӡынразы фымцала еиқәыршәоуп 🔺Иаҭаххар, хара имгакәа акоммерциатә фымцамч ахархәарахь аиасра алыршахоит 🔺Адәныҟатәи амзызқәа ирыхҟьаны, абылтәы ахәԥса ҳаракуп, аха атәылаҿы иахәҭоу аҭаҵәахқәа ыҟоуп 📌Аҵарадырра 🔺Англыз бызшәала имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи агеографиатә олимпиадаҿы ҳашколхәыҷқәа алҵшәа бзиақәа аадырԥшит 🔺Ашколхәыҷқәа акрыфара ԥха ала реиқәыршәара иазку апрограмма активла анагӡара мҩаԥысуеит: 66 школ афатә ԥхала еиқәыршәоуп, дук хара имгакәа еиқәыршәахоит даҽа 19 школ 🔺150-ҩык аспециалистцәа рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхразы иҷыдоу акурсқәа ирхысит 📌Атуризм 🔺Ҳазҭоу ашықәс азы атуристцәа рхыԥхьаӡара акырӡа иацлеит 🔺Аԥсшьарҭатә аамҭахәҭа ацҵаразы ажәалагалақәа ҟаҵоуп, урҭ рҟны иарбоуп атуристцәа зҭаауа аҭыԥқәа рҿы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара, урҭ русура аизырҳара 🎖Иара убас, Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи иреиҳаӡоу аҵареи аҵарадырреи русхк аҿы аусеицура арӷәӷәареи хаҭалатәи ллагалеи рзы Балажан Карчаева Ахьӡ-Аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡара ланашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. 📺Instagram | YouTube | Facebook

Views over time

0501003 Nov 15:2212 Nov 06:181063 Nov 15:22: 0 views12 Nov 06:18: 106 views
Snapshots we took after posting.
WhenViews
3 Nov 2026, 15:220
12 Nov 2026, 06:18106

Who shared this post

Posts in other channels we index that link to this one. (Forwards with a hidden source can't be traced.)

Nobody yet.