🏢 Бадра Гәынба ихантәаҩрала Аҳәынҭқарратә программақәа рынагӡара иазкыз аилатәара мҩаԥысит Иахьа, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҿаԥхьа аҳасабырба ҟаиҵеит 2025 шықәсазы аҳәынҭқарратә программақәа ҩба рынагӡашьа иазкәу иҷыдоу аусбарҭабжьаратә гәыԥ, имҩаԥнагаз агәаҭарақәа рылҵшәақәа ирызкны. 🔺 ақыҭанхамҩа аҿиара — ₽150 миллион рҟынтәи ахархәара аиуит ₽149.7 миллион; асубсидиақәа зауз 356-ҩык рҟынтәи 261-ҩык ацхыраара инагӡаны ироуит; официалла ирыладырҵәо иҷыдоу аиқәыршәагақәеи атауарқәеи рыхәҭак ахьыҟамыз азы аҭҵаара мҩаԥысуеит 🔺абизнес маҷи абжьаратә бизнеси адгылара рыҭара — 265-ҩык анаплакҩцәа аҳәынҭқарратә цхыраара роуит; 76 проект аҵыхәтәанынӡа инагӡаны аусура иаларган; аҳәынҭқарратә программа аҭахрақәа рықәымшәара иадҳәалоу ахҭысқәа зегьы ҭҵаахоит 📌 Аҳасабырба ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз ихадоу аҳәамҭақәа: 🔺рнапы ианыз назмыгӡаз алахәылацәа абиуџьет аԥаратә хархәагақәа рырхынҳәра мамзаргьы апроект аԥҟаррақәа инарықәыршәаны анагӡара рыхәҭоуп; уи мап ацәыркыр, азакәантә усмҩаԥгатәқәа рыла аргьыжьра рықәыршәахоит 🔺Ақыҭнхамҩеи Аекономикеи рминистррақәа арҭ апрограммақәа рымҩаԥгаразы аҭакԥхықәра рыдуп. Дара анагӡашьагьы ахылаԥшра ӷәӷәа арҭалар ауп 🔺азинхьчаратә усбарҭақәа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы есымчыбжьатәи аҳасабырбақәа ҟарҵалоит, аҳәынҭқарратә программақәа рынагӡара ахылаԥшра иацҵахоит 📺Instagram | YouTube | Facebook