🏢 Иаарласны ҳтәыла иаиур алшоит иҟәышу, абаҩхатәра злоу анапхгаҩцәа ҿыцқәа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи асезон аҿы аиааира згаз рԥылара мҩаԥигеит. Шәара даҽазныкгьы ишьақәшәырӷәӷәеит ҳтәылаҿы абаҩхатәра злоу, аҭакԥхықәра зхы иадызҵо аҿар шыҟоу. Ҳара, агәыӷра дуқәа шәыдаҳҳәалоит, шәхы лҵшәабзиала шаашәырԥшуазы агәра ганы ҳаҟоуп. Иахьа ҳтәыла иаҭахуп аусура иазхиоу, аҭакԥхықәра зхахьы изго, иконкреттәу алҵшәақәа раарԥшра зылшо азанааҭдырыҩцәа, — иҳәеит Бадра Гәынба. Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит аконкурс аҿы аиааира згаз рыпроектқәа рыбжьара реиҳа аԥеиԥш змоу ҭҵааны, урҭ рынагӡаразы иҟоу алшарақәа рыхәаԥшразы. Убасгьы иара иҳәеит, атәыла анапхгара аӡбамҭа шрыдыркылаз анаҩстәи акандидатурқәа аҭыԥқәа рыдгаларазы: 🔺 Ҭенгиз Слава-иԥа Анқәаб – Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩыс 🔺 Светлана Вадим-иԥҳа Габниа – акультура аминистр иабжьгаҩыс 🔺Анас Дмитри-иԥҳа Лашәриа – ААУ «Аԥснымедиа» анаԥхгаҩы иабжьгаҩыс 🔺 Анастасиа Роберт-иԥҳа Басариа – Аԥсны аиустициа аминистр иабжьгаҩыс Аԥсны ахада иазгәеиҭеит егьырҭ аиааира згазгьы рзанааҭтә ҿиаразы алшара дуқәа шроуа атәы. 📺Instagram | YouTube | Facebook