🇷🇺🤝🇷🇺 «Аӡыхьқәа.Ахәыҷқәа» — Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа рыбжьара иҟоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа шьақәзырӷәӷәо акоуп, ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа амаӡаныҟәгаҩ-абжьгаҩ Максим Литвинов 📌Аԥсны имҩаԥысуеит Урыстәыла акультуратә аԥшьгарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада ифонд адгылара змоу амузыкатә еицлабра аԥшьбатәи асезон. 📆Аконкурс иалахәу рзы азыӡырыҩрақәа мҩаԥысит жьҭаарамза 28 рзы, аҩбатәи ахәҭа ԥхынҷкәын азы иазԥхьагәаҭоуп, афинал 2027 шықәсазы имҩаԥгахоит. Ари аконкурс амҩаԥгара хәы змоу лагалахоит аиашьаратә еизыҟазаашьақәа зыбжьоу ажәларқәа рзы, убасгьы, иара иаршаҳаҭуеит акультуратә еимадарақәа лҵшәабзиала рыҿиареи, рырҭбаареи, — ҳәа азгәаиҭеит адипломат. 🎤Убасгьы ахҳәаа ҟалҵеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа агуманитартә политика аҟәша аиҳабы Викториа Бебиаԥҳагьы. Ҳара ҳгәы иҭоуп абаҩхатәра злоу аҿар рымацара ракәымкәа, зҭагылазаашьақәа ԥку ахәыҷқәагьы аус рыдулара, — ҳәа азгәалҭеит лара. 📺Instagram | YouTube | Facebook