🏸 Ҳтәылазы хра злоу аспорттә иааира! 📍 Венгриатәи ақалақь Сабольчвересмарт аҟны, жьҭаарамза 25 инаркны абҵара 1 аҟынӡа имҩаԥысуан «Tennis Europe» захьӡу II акатегориа змоу аԥқьаҭ азы жәларбжьаратәи атурнир. 🏆 Аԥснытәи аспортсмен қәыԥш Нестор Цәыжәба Кипр ахаҭарнак Димитрис Кристофи дицықәгылеит, дагьаиааит аицлабраҿы. Афиналтә хәмаррақәа раан ицықәгылаз аспортсмени иареи ирҿагылан ихәмаруаз ириааит 6:0, 6:7, 10:3 ҳәа. Нестор Цәыжәба иҽазыҟаиҵоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Александр Златоустов иҿы. 📺 Instagram | YouTube | Facebook