🕊️ Аҟәа имҩаԥысит Аџьартә ныҟәара Аџьартә ныҟәара мҩаԥган аԥсышәала, ауахәаматә-анцәаимҵаныҳәаратә ашәақәа ҳәо, Анцәа Иан Пицундатәии Бзыԥтәии лныхачаԥақәа кны. Иҟаҵан аҵак ду змоу ааҭгыларақәа ҩба: 🔺️️️️️️ Жәлар Реизара-Апарламент аҿы. Уаҟа аиереи Виссарион Аԥлыиа Аԥшьаҩыра даԥхьеит. 🔺️️️️️️ Убасгьы, Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы. Ажәытәан ари аҭыԥ аҿы игылан Аҟәатәи ауахәама. Уи иԥшьоу аҳ Александр Невски иаҳаҭыр азы иргылан. Ауахәама рбган 1937 шықәса рзы. Аҭоурыхтә ҭыԥ аҿы Аԥшьаҩыра даԥхьеит аиереи Далмаҭ Гоԥиа. Аныҟәара хыркәшахеит Аҟәатәи акафедралтә уахәамаҿы. 📺 Instagram | YouTube | Facebook